Аҧсны аинтеллигенциа реидгыла ахьӡала Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа реидгыла 90 ш. ахыҵра рыдырныҳәалеит

Аҧсны аинтеллигенциа реидгыла ахьӡала Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа реидгыла 90 ш. ахыҵра рыдырныҳәалеит

Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа реидгыла иахыҵит 90 шықәса

Аҧсны аинтеллигенциа реидгыла ахьӡала Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа реидгыла 90 ш. ахыҵра рыдырныҳәалеит.

Адныҳәалараҿы иаҳәоит: «Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа реидгыла аиҿкаара аҵак ду аман Аҧсны акультура аҿиараҿы еиҧш аидеологиа ахырхарҭалагьы. Аҧсуа шәҟәыҩҩцәа аҧсуа жәлар рҿахәы зҳәоз раҧхьа игылан иарбан аамҭазаалакгьы. Ус иҟан аидгыла анеиҿыркаауаз ашықәсқәа раангьы, уи анаҩсгьы.
Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла актәи ахантәаҩы Самсон Ҷанба дыршьуеит Сталин ихаан, 30-тәи ашықәсқәа рзы.
Анаҩс Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла ахантәаҩцәас иҟан Леуарса Кәыҵниа, Дырмит Гәлиа,Хәыхәыт Бӷажәба, Иван Ҭарба, Баграт Шьынқәба, Мушьни Лашәриа, Алықьса Џьонуа, Алықса Гогәуа, Борис Гәыргәылиа, Геннади Аламиа, Никәала Кәыҵниа уҳәа Аҧсны еицырдыруа ашәҟәыҩҩцәеи апоетцәеи.
Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан ирацәоуп ашәҟәыҩҩцәа рлагала, аибашьра иазкыз аҧҵамҭақәа рыла иубоит Аҧсны жәлар рфырхаҵара. Ашәҟәыҩҩцәа рыҷкәынцәагьы аибашьра иалагылеит, аӡәырҩы рыҧсадгьыл рхы ақәырҵеит.
Ашәҟәыҩҩцәа рыбзоурала аҧсуаа ркультура адунеи аҿы ирдыруа иҟалеит, аунеизегьтәи алитературатә шедеврқәа аҧсышәала идырцәажәеит.
Иахьагьы уи аус иацҵо иаауеит. Аҧсуа шәҟәыҩҩцәа ирзеиӷьаҳшьоит аҧхьаҟатәи ақәҿиарақәа, агәамч, аамҭа бзиа арҿиаразы!»

Источник:
16:13
214
Нет комментариев. Ваш будет первым!
Пользуясь сайтом apsny-line.ru, вы соглашаетесь с тем, что мы используем файлы cookie.